Қырҭтәыла ақалақь дуқәа жәабеи Аҷара арегиони рҿы ажьырныҳәа 18 инаркны анахарала аҵаратә процесс еиҭалагоит
Аҵара аминистрра адҵа ианақәыршәаны, ажьырныҳәа 18 инаркны, анахаралатә модель ахархәара ала, аҵаратә процесс еиҭалагоит абарҭ ақалақьқәа рҿы: Қарҭ, Қәҭешь, Русҭави, Ҭелави, Жәыргьыҭ, Зестафони, Гори, Ҧуҭ, Марнеули, Гардабани. Аҷара иҟоу аҵаратә усбарҭақәагьы анахарала аусура еиҭалагоит.
«Иара убас, аҩбатәи асеместр аангьы аусура нанагӡоит ахадаратә аҵаратә ресурсқәа иреиу — «Ателешкол». Қырҭтәыла аҵареи аҵарадырреи акультуреи аспорти рзы аминистрреи Қырҭтәыла Актәи аканали еицынарыгӡо апроект еиҭалагоит ажьырныҳәа 18, асааҭ 9:00 инаркны», — аарыцҳаит Аҵара аминистрра аҟынтәи.