Украинатәи аҵаҩцәа Қырҭтәыла ашколқәа рахь ирмариоу ҵасла рыдыркылоит
Украинатәи аҵаҩцәа Қырҭтәыла ашколқәа рахь ирмариоу ҵасла рыдыркылоит

Қырҭтәыла аиҳабыра рыӡбара инақәыршәаны, 2022 шықәса жәабран 24 рзы Украина иалагаз аибашьра амшала украинатәи ашколқәа рҿы абжьаратә ҵара аиура зылымшо, Қырҭтәыла аҵара анагӡара зҭаху ашколхәыҷқәа,  Қырҭтәыла ашколқәа рахь ирмариоу ҵасла рыдыркылоит.

Аҵара аминистрра аинформациала, аҵаҩцәа аҵара анагӡара рылшоит 2022 шықәса жәабран 24-нӡа иҭаз аклассқәа рҿы.

Аусҳәарҭа аминистрра аҟынтә ишаарыцҳаз, адеталтә дыррақә раиуразы Укрина атәылауаа аҭел иасроуп Қырҭтәыла аҵареи аҵарадырреи рминистрра иҷыдоу ацәаҳәа ахь: (995 32) 2 200 220.