Михаил Чхенкели иӡбарала, ашколқәа рҿы Қырҭтәыла аҭоурых арҵара дырҕәҕәоит
Михаил Чхенкели иӡбарала, ашколқәа рҿы Қырҭтәыла аҭоурых арҵара дырҕәҕәоит

Қырҭтәыла аҵареи аҵарадырреи рзы аминистр Михаил Чхенкели иӡбарала, ашколқәа рҿы Қырҭтәыла аҭоурых арҵара дырҕәҕәоит. Ари аинформациа аланарҵәеит Аҵара аминистрра.

Аусбарҭа адыррақәа рыла, ари аӡбара хықәкыс иамоуп  ажәытәӡатә аамҭақәа индыркны иахьанӡа Қырҭтәыла аҭоурых аҭҵаара. Убри аҟынтә,   X-XII аклассқәа рзы аҭоурых астандарт еиҭахәаҧшит.

Ари азҵаара иадҳәаланы ҷыдала еиҿкааз аҭоурыхҭҵааҩцәа ргәыҧ астандарт ҿыц рыдыркылан, амилаҭтә аҵаратә план аҿы  «Қырҭтәыла аҭоурыхи»  «Аҭоурыхи» хаз-хазы иҟоу амаҭәарқәа  рҳасабала  иарбоуп.

«Қырҭтәыла аҭоурых» азы арҵагашәҟәқәа цәырыргахьеит 5 ҭыжьымҭак. Агәыҧ ҷыда арҵагашәҟәқәа рыҭҵаара иалагахьеит, ари апроцесс нагӡахоит ҧхынгәы анҵәамҭанӡа.

Х  акласс иҭоу аҵаҩцәа арҵагашәҟәы ҿыц роуеит  2022-2023 аҵаратә ашықәс алагамҭазы.