Қырҭтәыла апатриархиа Анцәа иан ԥшьа лымшира инамаданы аҳәамҭа аланарҵәеит

Қырҭтәыла апатриархиа ауаажәлар рҟны аимадаразы амаҵзура Анцәа иан ԥшьа лымшира инамаданы аҳәамҭа аланарҵәеит.

“Сынтәа, цәыббра 21 рзы, Анцәа иан ԥшьа лымшира аныҳәамш инамаданы Қырҭтәыла аныхабаақәа зегьы рҿы анцәа имаҵура мҩаԥысуеит.

Анцәа иан ԥшьа лымшира аҽны Махаҭа иҟоу Ивериатәи Анцәа иан лныхачаԥа ахьӡ зхоу аныхабаа аҿы Афонтәи ашьхантә иаагоу Анцәа иан инашаноу лныхачаԥа ааргоит, имҩаԥысуеит аныҳәатә литургиа.

Алитургиа мҩаԥигоит  Сенакии Чхороҵҟәыи рмитрополит Шио (Муџьири). Анҵәаимаҵӡура ихы алаирхәоит Афонтәи ашьха цқьаҿы иҟоу Ватопедтәи аберҭыҧ ахылаҧшҩы, архимандрит Ефреми.

Алитургиа асааҭ 10:00 рзы алагоит,” – иануп аинформациа аҿы.