Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩи апарламенттә делегациеи  Шәамахьтәыла Жәлар реизара ахантәаҩи алахәылацәеи ирҧылеит
Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩи апарламенттә делегациеи  Шәамахьтәыла Жәлар реизара ахантәаҩи алахәылацәеи ирҧылеит

Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩи апарламенттә делегациеи  Шәамахьтәыла Жәлар реизара ахантәаҩи алахәылацәеи ирҧылеит.

Аҧылара аофициалтә церемониа мҩаҧган Шәамахьтәыла Жәлар реизара ахан аҿы. Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвилии Шәамахьтәыла Жәлар реизара ахантәаҩы Ален Симониани ишишо аформат аҿы еиҧылеит, анеҩс,  ҩ-тәылак реизыҟазаашьақәа ирылацәажәеит ирҭбаау аформат аҿы имҩаҧгаз аиҧылараҿы.

«Ҳара апарламентбжьаратә еизыҟазаашьақәеи ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рырҭбаара аперспективақәеи  ҳрылацәажәеит, иара убас, арегион аҿы имҩаҧысуа ахҭысқәеи ҳтәылақәа рзы урҭ ирымоу анырреи ҳазааҭгылеит», — иҳәеит Симониан.

Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы ишазгәеиҭаз ала, Шәамахьтәылеи Қырҭтәылеи рпарламентқәа рыбжьара аусеицура иаҳа ирҭбаатәуп.

Авизит аҳаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩи аделегациа алахәылацәеи Шәамахьтәыла ахадеи аҧыза-министри ирҧылоит.