Қырҭтәыла амилаҭтә гвардиа 34 шықәсатәи аиубилеи азгәанаҭоит. Атәылахьчара аминистр Иракли Чиқовании атәылахьчаратә мчқәа реиҳабы, аинрал-маиор Гьаргь Маҭиашвилии агвардиа ахаҭарнакцәеи аветеранццәеи ари амш рыдырныҳәалеит. Аофициалтә церемониа иалагаанӡа, урҭ иҭахаз гвардиа алахәылацәа рмемориал аҿыашәҭқәа шьҭарҵеит.
Қырҭтәыла амилаҭтә гвардиа 1990 шықәса ԥхынҷкәын 20 рзы Қырҭтәыла иреиҳаӡоу ахеилак аднакылаз азакәан ала ишьаҭаркын.