Қырҭтәыла Амилаҭтә банк амонетатә политика азыҧҵәа имҧсахкәа  8,0% аҩаӡараҟны иааннажьит 
Қырҭтәыла Амилаҭтә банк амонетатә политика азыҧҵәа имҧсахкәа  8,0% аҩаӡараҟны иааннажьит 

 

2026 шықәса  жәабран 11  рзы  имҩаҧгаз аилатәараҿы Қырҭтәыла Амилаҭтә банк амонетатә политиказы акомитет алахәылацәа амонетатә политика   азыҧҵәа 8,0% аҩаӡараҟны имҧсахкәа иаанрыжьит.

Ари атәы аарыцҳаит Амилаҭтә банк  апрессмаҵзура  аҟынтә.

«2026 шықәса ажьырныҳәатәи    адыррақәа рыла,  ахәқәа шьҭыҵит 4,8% наӡынала.   Абазатә инфлиациа  ҳалацәажәозар,  ажьырныҳәазы иҟаз адыррақәа рыла  аинфлиациа арбага  2,1 наӡына иаҟароуп.

Амилаҭтә банк абазатә сценари инақәыршәаны,  2026  шықәса аҩбатәи аквартал инаркны  аинфлиациа хәыҷы-хәыҷла ишьҭыҵуеит  3,7%-нӡа.

Аекономикатә активра ҧасеиҧш идууп.  2026  шықәсазы  уаҩҧсык изы аҩныҵҟатәи аалыҵ наӡа  арбага  5% иаҟарахоит.

Аекономика уажәтәи аҭагылазаашьа анализи азҧхьагәаҭаратә сценариқәеи рышьаҭала,  акомитет алахәылацәа,  азыҧҵәа имҧсахуа,   8% аҩаӡараҟны иаанрыжьырц рыӡбеит.  Наҟ-наҟ азыҧҵәа рыҧсахуеит амакроекономикатә азҧхьагәаҭарақәеи ашәарҭарақәа ранализи инрықәыршәаны.

Амонетатә политиказы акомитет анеҩстәи аилатәара мҩаҧгахоит  2026 шықәса хәажәкыра 25 рзы», – иануп Амилаҭтә банк аҳәамҭаҿы.