Қырҭтәыла актәи аледи  Ҭамар Багратиони Америка актәи аледи Мелани Трамп лааҧхьарала Вашингтонҟа ддәықәлеит 
Қырҭтәыла актәи аледи  Ҭамар Багратиони Америка актәи аледи Мелани Трамп лааҧхьарала Вашингтонҟа ддәықәлеит 

Қырҭтәыла актәи аледи  Ҭамар Багратиони Америка актәи аледи Мелани Трамп лааҧхьарала Вашингтонҟа ддәықәлеит. Ар аинформациа аланарҵәеит атәыла ахада иадминистрациа апресс-маҵзура.

Амаҵзура адыррақәа рыла,  Ҭамар Багратиони Мелани Трамп линициативала еиҿкаау аглобалтә саммит  – „Иаҳа еиҕьу аҧеиҧш азы ҳаидгылап“ лхы алалырхәоит. Ари аусмҩаҧгатә хықәкыс иамоуп ахәыҷқәа рҿиареи рмышхәыбзазареи аиқәыршәаразы ҳаамҭазтәи атехнологиақәа шәарҭада рхархәара ацхраара.

Асаммит аҳәаақәа ирҭагӡаны,  Мелани Трамп,  атәылақәа рхадацәа рыҳәса лыдылкылоит Аҩны шкәаәкәаҿ,  аишәа гежь аформатаҿ.

Хәажәкыра 24-25 рзы имҩаҧысуа аусмҩаҧгатә рхы аладырхәоит Қырҭтәыла аҵареи,  аҵарадырреи,  аҿар русқәеи рзы аминистр ихаҭыҧуаҩ Баиа Квициании  Қырҭтәыла апарламентаҿ иҟоу аҵареи,  аҵарадырреи,  аҿар русқәеи рзы акомитет ахантәаҩы Мариам Лашхии.