Меланиа Трамп  Қырҭтәыла актәи аледи Ҭамар Багратиони аҭабуратә шәҟәы лзаалышьҭит Аглобалтә саммит аҽалархәразы 
Меланиа Трамп  Қырҭтәыла актәи аледи Ҭамар Багратиони аҭабуратә шәҟәы лзаалышьҭит Аглобалтә саммит аҽалархәразы 

Қырҭтәыла ахада иадминистрациа аинформациа инақәыршәаны, Америка актәи аледи  Меланиа Трамп  Қырҭтәыла актәи аледи Ҭамар Багратиони аҭабуратә шәҟәы лзаалышьҭит Аглобалтә саммит «Иаҳа еиҕьу аҧеиҧш азы ҳаидгылап»  аҽалархәразы.

Зыӡбахәы ҳәоу асаммит Аҩны шкәакәаҿ имҩаҧган   2026 шықәса хәажәкыразы.

Меланиа Трамп ишазгәалҭаз ала, аҵареи, аинновациақәеи, атехнологиақәеи рыла ахәыҷқәа рмышхәыбзазара ацхраара иазкыз адискуссиа аҵакы ду аман.

«Еиуеиҧшым аперспективақәа ҳрылацәажәеит, аха ҳазынтәгьы хықәкык акәын иҳамаз  —ахәыҷқәеи, аҭаацәеи, арҵаҩцәеи иаҳа ишәарҭам аҧхьаӡацтә дунеи аҿы аҵареи, аҿиареи, ашәҭыкакаҷреи алшара рымазарцаз аҭагылазаашьақәа рзеиқәырәшара», — иануп ашәҟәаҿы.