Ҭамар Багратиони - Аглобалтә саммит хыркәшоуп, сара ари асаммитахь ааҧхьара соуит Америка актәи аледи Меланиа Трам лҟынтә, араҟа аҧышәа дуи агәадура дуи соуит, избанзар, Қырҭтәыла сахаҭарнакын
«Аглобалтә саммит хыркәшоуп, сара ари асаммитахь ааҧхьара соуит Америка актәи аледи Меланиа Трам лҟынтә, араҟа аҧышәа ду соуит, агәадура ду сызцәырҵит, избанзар, Қырҭтәыла сахаҭарнакын», — илҳәеит Қырҭтәыла Актәи аледи Ҭамар Багратиони Америка лвизит данахцәажәоз.
Ҭамар Багратиони ишылҳәаз ала, алахәылацәа рхыҧхьаӡарала, ари асаммит даараӡа идуун, уаҟа излацәажәоз атема аглобалтә ҵакы аман.
«Асаммит иалахәын 45 ҳәынҭқаррақәа рхаҭарнакцәа. Ҳара атехнологиа ҿыцқәа рҿиареи аҵаратә системашҟа ринтеграциеи ҳалацәажәон. Ари атема аглобалтә ҵакы амоуп. Атәылақәа рацәа рхаҭарнакцәа абри аҩыза аусмҩаҧгатәқәа дара ртәылақәа рҿы рымҩаҧгара иазҿлымҳахеит. Сара агәра ганы сыҟоуп ҳара ҳабжьара ишьақәгылаз хаҭалатәи аизыҟазаашьақәа аҵакы ду шрымоу», — илҳәеит Ҭамар Багратиони.
Қырҭтәыла актәи аледи Вашингтон дыҟан Америка актәи аледи Меланиа Трамп лааҧхьарала. Уаҟа Ҭамар Багратиони аглобалтә саммит «Иаҳа еиҕьу аҧеиҧш азы ҳаидгылап» лхы аладырхәит.