Қырҭтәыла Актәи аканал Жәыргьыҭ ахада иҭыҧ азы акандидатцәа адебатқәа рылахәызааразы ааҧхьара рнаҭоит
Алхраҧхьатәи аамҭазы Қырҭтәыла Актәи аканал алхратә субиектқәа аамҭа рзоунашьҭуеит.
Адепатутразы акандидатцәа рыбжьара хынтә адебатқәа мҩаҧысхьеит.
Алхрақәа ирылахәы асубиектқәа ҳаҧхьҟагьы есымша „Моамбе“ адырраҭара хадаҿы аамҭа рзоурышьҭуеит.
Иара убас. Қырҭтәыла Актәи аканал, Жәыргьыҭ ахада иҭыҧ азы акандидатцәа даҽазнык ааҧхьара рнаҭоит адебатқәа рылахәызааразы. Актәи аканал жәларбжьратә стандартқәа ирышьашәаланы адебатқәа рымҩаҧгара еиқәнаршәоит. акандидатцәа зегьы еиҟараны аҭагылазаашьақәа рзеиқәдыршәоит дара рпозициа аадырҧшырцаз.