Қырҭтәыла Актәи аканал, Аџьар Ҟаҧшь ацхыраарала, аукраин жәлари Украина Ауаажәларратә дырраҭареи рыдгылара амзызла имҩаҧнагоит агәыҳалалратә марафон — «Ҳара Украиназы». Амарафон мҩаԥысуеит жәларбжьаратәи аиҿкаара «Каритас» адгылара ала. Хәажәкыра 1 азы имҩаҧысуа амарафон рхы аладырхәыр рылшоит изҭаху ауааҧсыра зегьы, SMS ала, мамзаргьы абанктә аҧаратә аиагарала.
Абанктә аԥхьаӡара: GE84BG0000000533473787GEL
Аҭел аномер: 16 222 – ахә 1 лари
Амарафон аан еизго аԥара “Украинатәи Аџьар Ҟаԥшь” аиҿкаара арҭоит.
«Актәи аканал аҿы агәыҳалалратә марафон мҩаҧысуеит хәажәкыра 1 азы. Ҳареи Украина ауаажәларратә дырраҭареи активла аус еицаауеит. Зымҩаҧгара ҳгәы иҭоу адгыларатә акт алҵшәа ахылҵроуп ҳәа сгәы иаанагоит», — илҳәеит аканал агенералтә директор Ҭинаҭин Берӡенишвили.
Агәыҳалалратә марафон рхы аладырхәоит ақырҭуа ашәаҳәаҩцәа, амарафон аҿы инарыгӡоит Актәи аканал амузыкатә проектқәа рҟынтә акомпозициақәа.