Қырҭтәыла Актәи аканал ахыбра ҿыц "Архитектуратә ҳамҭа 2025" аконкурс аҿы аиаара агеит
Қырҭтәыла Актәи аканал ахыбра ҿыц “Архитектуратә ҳамҭа 2025” аконкурс аҿы аиаара агеит – “Ҭбилпроект” архитектор хада Леван Сиамашвили “Иреиӷьу ауаажәларратә хыбра” аноминациаҿы аҳамҭа ианашьоуп.
Ажурнал “Стили” “Қырҭтәылатәи архитекторцәа реидгылеи” еицымҩаԥыргаз аконкурс рхы аладырхәит 167-ҩык аҭыԥантәии аҳәаанырцәтәи архитекторцәа, адизаинерцәа, астудентцәа. Ажиури 11 аноминациа рҽы иреиӷьу аусумҭақәа алнахит.
Жәларбжьаратәи аконкурс еиҿкаан 2006 ашықәс азы.Актәи аканал адиректор хада Ҭинаҭин Берџьенишвили лажәақәа рыла, аиааира еснагь агәахәара узаанагоит.
“Сара ҳгәыԥ, ари архитектуратә проект алызхыз ауаажәларра рыдысныҳәалоит. Аҳәынҭқарратә хархәагақәа рыла идыргылаз апроект ас еиԥш аконкурс аҿы аиааира ахьагаз даара акраҵанакуеит. Ари ахыбра ақырҭуа архитекторцәа ахьаԥырҵаз аҵак ду амоуп”, – илҳәеит Берӡенишвили.