Қырҭтәыла Актәи аканал - Алхрақәа 2025
Қырҭтәыла Актәи аканал - Алхрақәа 2025

Қырҭтәыла Актәи аканал хықәкыс амоуп 2025 шықәсзы амуниципалтә органқәа рахь имҩаԥысран иҟоу алхрақәа ркампаниеи раарԥшра адунеизегьтәи астандартқәеи Аҳәынҭқарратә рдырраҭара зықәныҟәо ахәынаӡарақәеи инарықәыршәаны.

Убри аҟынтә, алхратә кампаниа еиҟараны, ихаламгалакәа аарԥшразы, Қырҭтәыла Актәи аканал аполитикатә партиақәа телехәаԥшреи радиои рефиртә аамҭа рнаҭоит.

Адебатқәа 2025

Қырҭтәыла Актәи аканал азакәан инақәыршәаны апланқәа ирылоуп адискуссиақәа рымҩаԥгара.

Адебатқәа асурдоаиҭагақәа рыцзаауеит, адебатқәа рӡырҩра Қырҭтәыла Арадио алагьы ҟалоит.

Еиуеиԥшым аплатформақәа рҿы акампаниа аарԥшра

Қырҭтәыла Актәи аканал апартиақәа  апартиатә ма амажоритартә рсиақәа, аҳҭнықалақь ахадарахь акандидатцәа ма апрограммақәа рарԥшразы аефиртә аамҭа рнаҭоит. Аха ишиашоу ицо аефир аҿы ачемпионат ЕвроБаскет 2025  ахәмаррақәа рымшынҵа иазыԥхьагәаҭатәуп.

Авеб-портал

Амуниципалтә алхрақәа рзы иҷыданы Актәи аканал авем-даҟьаҿ иаԥҵоуп апортал «Алхрақәа 2025».

Амониторинг

Ауаажәларратә дырраҭара 2025 шықәсазы амуниципалтә алхрақәа рымҩаԥгара аҩныҵҟатәи амониторинг мҩаԥнагоит.

Амедиадырра

Ауаажәларратә дырраҭара ауаажәларра ахаҭарнак цыԥхьаӡа изы аус ауеит, убри аҟнытә алхрақәа ирызку адыррақәа зегьы асурдоаиҭагақәа рыцзаауеит.

Иара убас Ауаажәларратә дырраҭара алхрақәа ирыдҳәалоу аинформациа амилаҭтә аиҵарақәа рбызшәақәа рыла аланарҵәоит.

Аӡыргара

Азакәан инақәыршәаны, алхрақәа ирылахәу апатиақәа аӡыргаратә аамҭа Ауаажәларратә дырраҭара хәыԥсада роуеит.

2025 шықәса жьҭаара 4 рзы имҩаԥысран иҟоу амуниципалтә алхрақәа ирызку адыррақәа асаит 1tv.ge, аплатформа «Выборы 2025»-и ирнылоит.