Қырҭтәыла Актәи аканал аҳәса рзы амчылара иаҿагыло ақәҧара иазку жәларбжьаратәи амш азгәаҭара иалахәып
Қырҭтәыла Актәи аканал аҳәса рзы амчылара иаҿагыло ақәҧара иазку жәларбжьаратәи амш азгәаҭара иалахәып. Абри амш аҽны Қырҭтәыла Актәи аканал ахыбра, ишаҧу ала, аҧштәы ҟаҧшь ала ирлашан.
Қырҭтәыла Актәи аканал агенералтә директор Ҭинатин Берӡенишвили ишылҳәаз ала, Ауаажәларратә дыррҭара шықәсқәак рыҩныҵҟа, аҳәса рзы амчылара иаҿагыло акампаниа активла иалахәып.
«Ауаажәларратә дыррҭара шықәсқәак рыҩныҵҟа, аҳәса рзы амчылара иаҿагыло аглобалтә кампаниа активла иалахәып. Ари акампаниа аҵакы ду шамоу аҳәарагьы аҭахым, избанзар, адунеи зехьынџьара ари апроблема иҟоуп. Актәи аканал иахьа иалаго акампаниа аефиртә аамҭа азоунашьҭуеит, аха, уи адагьы, ари азҵааразы адырра аиҕьтәра иазку ауснагӡатәқәагьы мҩаҧаагоит. Ари аганахьала аиҿкааратә культура ҳамоуп, уи даараӡа сеигәырҕьоит», — илҳәеит Ҭинатин Берӡенишвили.
Иахьа иалагаз 16-мштәи есышықәсатәи акампаниа адунеи зехьынџьаара имҩаҧысуеит 1991 шықәса инаркны. Акампаниа иалахәып 187 ҳәынҭқаррақәеи 5000 аиҿкаарақәеи.