Қырҭтәыла актәи аҭыҧ ааннакылеит   акоррупциа ашәарҭара аҟынтә ахақәиҭра акомпонент аҿы, уи инақәыршәаны,  аиҳабыра рҟны аизыҟазаашьақәа рҿы акоррупциа ашәарҭара арбага лаҟәып
Қырҭтәыла актәи аҭыҧ ааннакылеит   акоррупциа ашәарҭара аҟынтә ахақәиҭра акомпонент аҿы, уи инақәыршәаны,  аиҳабыра рҟны аизыҟазаашьақәа рҿы акоррупциа ашәарҭара арбага лаҟәып

Қырҭтәыла актәи аҭыҧ ааннакылеит аиҳабыра рҟны аизыҟазаашьақәа рҿы  акоррупциа ашәарҭара арбага аазырҧшуа акомпонент аҿы, ари арбага аҵакы ду амоуп ҳаҧхьаҟа атәыла аӡыргаразы, – иҳәеит аиҳабыра русмҩаҧгарҭа аиҳабы Илиа Дарчиашвили  Trace International акоррупциа ашәарҭара аҟынтә ахақәиҭра аиндекс данахцәажәоз, аиндекс инақәыршәаны, Қырҭтәыла Европа иреиҕьу  20 ҳәынҭқарреи адунеи иреиҕьу 30 ҳәынҭқарреи иреиуп.

Аиҳабыра русмҩаҧгарҭа аиҳабы ишиҳәаз ала, аҭҵаарақәа мҩаҧган иакымкәа зҵакы дуу ахырхарҭақәа рышьаҭала, урҭ иреиуп антикоррупциатә закәани аиҳабыра русура аартызаареи.
“Зыӡбахәы ҳәоу аҭҵарақәа раан аарҧшын еиуеиҧшым атәылақәа рҿы антикоррупциатә хырхарҭала имҩаҧгаз ареформақәа рылҵшәақәа. Аҭҵаара мҩаҧгоуп атәыла иаиуз алҵшәақәа ахәшьара рызҭо аконкреттә компонентқәак рышьаҭала. Ари аганахьала ҷыдала иалкаатәуп антикоррупциатә закәани, атәылауаҩратә уаажәларра алахәызаареи, аиҳабыра русура аартызаареи. Зыӡбахәы ҳәоу аҭҵаараҿы, аиҳабыра рыгәҭа акоррупциа ашәарҭара арбага лаҟәы иазку акомпонент аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла актәи аҭыҧ ааннакылеит. Уи аҵакы ду амоуп ҳаҧхьаҟа атәыла аӡырграразы”,- иҳәеит Илиа Дарчиашвили.
Аҭҵаара инақәыршәаны, Қырҭтәыла Евроеидгыла   13 ҳәынҭқарра раҧхьа игылоуп,уаҭ: Италиа, Польша, Венгриа, Словакиа, Чехиа, Латвиа, Хорватиа,  Бырзентәыла, Румынтәыла, Болгариа, Кипр, Мальта. Иара убас, Евроеидгыла иалам аҳәынҭқаррақәа Лихтеншнеини Сан Маринои ирҧысит.  Ареитинг аҿы атәылақәа ахәшьара рыҭоуп акоррупциа инақәыршәаны, лымкаала, акоррупциа аҟазаара алшареи, антикоррупциатә закәани, аиҳабыра русура аартызаареи, атәылауаҩратә уаажәларра аҿиара аҩаӡареи. Қырҭтәыла зегьы иреиҕьу ахәшьара аиуит “Аиҳабыра рҟны аизыҟазаашьақәа рҿы акоррупциа ашәарҭара арбага лаҟәы” акомпонент аҿы – абри акомпонент аҿы Қырҭтәыла адунеи аҿы актәи аҭыҧ ааннакылоит. Аметодологиа иашьашәаланы, атәыла цыҧхьаӡа акоррупциа ашәарҭара азеиҧш балл анаршьоит, ахырхарҭа цыҧхьаӡа 1 инарны  100 балл аҟынӡа ахәшьара аиур алшоит. Абарҭ арбагақәа рҿы 1 баллк иаанагоит акоррупциа аҩаӡара шылаҟәыз ма зынӡаскгьы акоррупциа шыҟам, 100 балл роуеит акоррупциа ашәарҭара ду ахьыҟоу атәылақәа.