Қырҭтәыла акоронавирус аҽыхьчаратә вакцинациазы арегистрациа иазку апортал аусура еиҭашьақәыргылоуп
Қырҭтәыла акоронавирус аҽыхьчаратә вакцинациазы арегистрациа иазку апортал аусура еиҭашьақәыргылоуп

Қырҭтәыла акоронавирус аҽыхьчаратә вакцинациазы арегистрациа иазку апортал аусура еиҭашьақәыргылоуп. Зыӡбахәы ҳәоу апортал иацы аҧхасҭа аиуит амассатә кибержәылара амшала.

Апортал аусура иаҟәыҵит иацы шьыжьымҭан. Убри амшала, авакцина  «Синофарм» алаҵа аҟаҵаразы иацы асааҭ 12:00 рзы иалагараны иҟаз  арегистрациа зымҩаҧымсит.

Қырҭтәыла Агәабзиарахьчара аминистрра аҟынтә ишаарыцҳаз ала, апортал азы акибережәылара мҩаҧган.

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра акибержәылара афакт азы аусеилыргара иалагеит.