Қырҭтәыла аизга амҵәышәампыл азы Адунеи ачемпионатаҿ ақәгылара хыркәнашеит Австралиаҟны аҵахарала
Қырҭтәыла аизга амҵәышәампыл азы Адунеи ачемпионатаҿ ақәгылара хыркәнашеит Австралиаҟны аҵахарала

Амҵәышәампыл азы Адунеи ачемпионат аҩбатәи агәыҧтә етапаҿ, Қырҭтәыла аизга,   84:100 ҳәа Австралиаҟны иаҵахеит. Плеи-офф ашҟа ииасит Словениеи Германтәылеи.  Иахьатәи аматч аҿы Қырҭтәылеи Австралиеи реизгақәа агәыҧаҿ ахҧатәи аҭыҧ иазықәҧон.

Иахьа ақырҭуа ахәмарҩцәа рҭагылазаашьа цәгьан. Атравмақәа рымшала изыхәмаруамызт Ҭорнике Шенгелиеи, Дуда Санаӡеи,  Михаил Беришвилии, Гьаргь Цинцаӡеи. Австралиа аизга  9ҩык алахәылацәа  НБА аҿы ихәмаруеит, убри аҟынтә, иахьа ақырҭуа ахәмарҩцәа рҭагылазаашьа уадаҩын.

Қырҭтәыла аизга, раҧхьаӡа акәны, Адунеи ачемпионат иалахәын, дара 2 матчк рҿы аиааира ргеит, 3 рҿы иаҵахеит.