Қырҭтәыла аиҳабыра радминистрациа ахыбраҿ аҳәынҭқарратә бираҟ лашьҭуп
Қырҭтәыла аиҳабыра радминистрациа ахыбраҿ аҳәынҭқарратә бираҟ лашьҭуп

2008 шықәсатәи Урыстәыла-Қырҭтәылатәи еибашьра ҟалеижьҭеи 17 шықәса аҵра инамаданы, иҭахаз ауаа ҳаҭырла ргәаларшәаразы, Қырҭтәыла аиҳабыра радминистрациа ахыбраҿ аҳәынҭқарратә бираҟ лашьҭуп.

Қырҭтәыла аԥыза-министр знапы аҵазҩыз Аиҳабыра рықәҵара инақәыршәаны, Қырҭтәылатәи арегионқәа – Аҧсни Цхинвалтәи арегиони закәандарала рымпыҵахалара амзызла Урыстәылатәи афедерациала Қырҭтәыла имҩаҧнагаз зымҽхак дууз арратә интервенциа амшала иҭахаз афырхацәа ҳаҭырла ргәаларшәаразы, Қырҭтәыла зехьынџьара иҟоу административтә органқәа рхыбрақәеи аҳәаанырцә иҟоу Қырҭтәыла адипломатиатә хаҭарнакрақәеи рҿы аҳәынҭқарратә бираҟқәа лашьҭуп.