Қырҭтәыла аиҳабыра Егры аӡиас ахысра аан иҭахаз ауааҧсыра рҭаацәарақәа аҧарала ирыцхраауеит
Қырҭтәыла аиҳабыра Егры аӡиас ахысра аан иҭахаз ауааҧсыра рҭаацәарақәа аҧарала ирыцхраауеит

«Қырҭтәыла аиҳабыра Егры аӡиас ахысра аан иҭахаз ауааҧсыра рҭаацәарақәа аҧарала ирыцхраауеит», – илҳәеит Аинаалареи атәылауаҩратә аиҟарареи азҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә министр Ҭеа Ахвледиани.

«Арыцҳара аныҟалаҵәҟьа, Аҧснытәи автономтә республика аиҳабыра арҭ аҭаацәарақәа зныктәи аҧаратә цхыраара рырҭеит. Ҳәарада, Қырҭтәыла аиҳабырагьы, аҭаацәара цыҧхьаӡа рпроблемақәа инрықәыршәаны, ирыдгылоит.  Қырҭтәыла аиҳабыра Егры аӡиас ахысра аан иҭахаз ауааҧсыра рҭаацәарақәа аҧарала ирыцхраауеит», — илҳәеит Ҭеа  Ахвледиани.