Қырҭтәыла аиҳабыра ареференттә ахәқәа ирзышьақәдыргылаз ахәшәқәа рсиа аланарҵәоит
Жәабран 15 инаркны афармацевттә аилахәырақәа ахә цәгьала ахәшәқәа рҭира ирылшахом.
Аиҳабыра Феисбук аофициалтә даҟьаҿ ишану ала, иҳәаақәҵоуп 1300-иреиҳаны ахроникатәи аонкологиатәи медикаментқәа рыхә. Етапла иҳәаақәҵахоит егьырҭ амедикаментқәа рыхәгьы.
Афармацевтика аусхкы аҿы аус зуа аилахәырақәеи, адистрибуторцәеи, цырала ахәшәқәа зҭиуа ахәаахәҭҩцәеи ируалуп ареференттә ахәқәа ирышьашәаланы ахәшәқәа рзы хыхьтәи аҳәаа ашьақәыргылра.