Қырҭтәыла аиҳабыра - Аизыҟазаашьақәа рҭыҧқәҵаразы, раҧхьа иргыланы, Украина анапхгара, иахьа Украина аиҳабыраҿ амаҵзураҭыҧ дуқәа аанызкыло ацәгьауцәа хымҧада Қырҭтәыла иарҭароуп
Аизыҟазаашьақәа рҭыҧқәҵаразы, раҧхьа иргыланы, Украина анапхгара, иахьа Украина аиҳабыраҿ амаҵзураҭыҧ дуқәа аанызкыло ацәгьауцәа хымҧада Қырҭтәыла иарҭароуп, – иануп Қырҭтәыла аиҳабыра иҟарҵаз аҳәамҭа аҿы.
Аҳәамҭаҿ ишану ала, Қырҭтәыла аиҳабыра ирзеилкаауам Украина анапхгара аиҩызаратә ҩ-тәылаки ажәларқәеи реизыҟазаашьақәа еицәазтәуа аӡбарақәа зрыдыркыло.
“Евроеидгылеи Германтәылатәи афедеративтә республикеи рҿы Украина аофициалтә делегациа аилазәаараҿы Зураб Адеишвили ивизит афонаҿ, агынамӡареи агәыҧжәареи ааҳарҧшыр ҳҭахуп Украина анапхгара аҩызарала Украина иазыҟоу атәыла – Қырҭтәылеи ақырҭуа жәлари рахь иаадырҧшыз азныҟәашьа иадҳәаланы.
Украина еибашьуеит, Урыстәыла арратә агрессиа аҟынтә рхы рыхьчоит, убри аҟынтә, Украина анапхгара иаадырҧшуа абри аҩыза азнеишьа иадҳәаланы акыраамҭа ҳпозициа ааҳарҧшуамызт. Аха, Бриуссели Берлини украинатәи аделегациа аилазаараҿы Зураб Адеишвили ивизит анеҩс, еилыкка ҳпозициа ааҳарҧшыроуп.
Аҵыхәтәантәи ҩышықәса рыҩныҵҟа Қырҭтәыла Украина аҳәынҭқарреи аукраин жәлари адгылара ҕәҕәа рзаанарҧшуан, аҩызарала иаҳзыҟоу атәылаҿ урыстәылатәи агрессиа ҳақәыӡбон. Қырҭтәыла аофициалла ирылахәып жәларбжьаратәи аплатформаҿ ирыдыркылаз 600 иреиҳаны аӡбарақәа, урҭ рыла иазҧхьагәаҭан Украина ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи адгылареи Урыстәыла арратә агрессиа ақәыӡбареи. Убри адагьы, Қырҭтәыла иахьагьы, аиҩызаратә аукраин жәлар агуманитартә ганахьала ирыцхраауеит.
Абри аҩыза аҭагылазаашьаҿы, Украина анапхгара угәы ҧызжәаша аӡбарақәа рацәа рыдыркылеит, арҭ аӡбарақәа ҩ-тәылаки ҳажәларқәеи рыбжьара ишьақәгылаз атрадициатә аиҩызара иаҧырхагоуп:
– Украина анапхгара, асанкциақәа рышьақәмыргылареи Украинаҟа аибашьцәа ахалагәаҧхаҩцәа рышьҭразы мапкреи ҿыҵгас иҟаҵаны, 2022 шықәса хәажәкыра 1 азы, Қырҭтәылантә ддырхынҳәит Қырҭтәыла иҟаз Украина ацҳаражәҳәаҩ;
– Украина анапхгара, Михаил Саакашвили аҧсра даҿушәа амзыз ҧаршеи рхы иархәаны, 2023 шықәса рашәара 3 рзы, Украина иҟаз Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Украина далырцеит. Ишәгәалаҳаршәар ҳҭахуп Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ аибашьра ианалагаз амш инаркны Киев иаанхаз, мышкалагьы Украина иалымҵыз аӡәык-ҩыџьак адипломатцәа дышреиу;
– Украина анапхгара Михаил Саакашвили изкны иакымкәа аҳәамҭақәа аладырҵәеит, иара аполитикатә мзызқәа рымшала дҭакушәа, иара убас, аҳәамҭа аладырҵәеит „Урыстәыла анапхгара Қырҭтәыла анапхгара рнапала Михаил Саакашвили дыршьуеит” ҳәа;
– Украина анапхгараҿы иахьагьы амаҵзураҭыҧ дуқәа ааныркылоит еиуеиҧшым ацәгьаурақәа рзы ашьаусҧшаараҿы иҟоу, мамзаргьы азыӡба зқәырҵахьоу ахаҿқәа. Ари аганахьала, ҷыдала угәы ҧнажәоит Украина апрокурор хада ибжьагаҩс Зураб Адеишвили иқәыргылареи Украина Аконтрҧшыхәратә маҵзура аиҳабы ихаҭыҧуаҩс Гьаргь Лордқиҧаниӡе иқәыргылареи. Ишәгәалаҳаршәар ҳҭахуп зыӡбахәы ҳәоу ахаҿқәа Қырҭтәыла ҧасатәи амчра авторитартә режим ишахагылаз, ари арежим иалаӡит ауаа рацәа рыҧсҭазаареи, ргәабзиареи, рмышәхыбзазареи. Зураб Адеишвили иус ӡбоуп аҩытә зауад закәандарала амхреи, ателееилахәыра „Ибериа” мчыла агареи, Коба Давиҭашвили имҵарсреи гәымбылџьбарала ипҟареи, абаандаҩцәа рыргәаҟреи, „Қарҭу банк” акәатреи аусқәа рзы, иара убас, ахара идуп ателееилахәыра „Имеди” ақәлареи ампыҵахалареи, 2007 шықәса абҵара 7 рзы амчылареи, Бута Робақиӡе ишьра ацәгьаура аҵәахреи аусқәа рзы. Гьаргь Лордқьиҧаниӡе ахара идуп 2011 шықәса лаҵара 26 рзы амчылареи Михаил Саакашвили закәандарала аҳәаа ахысраҿы ицхраареи аусқәа рзы. Қырҭтәыла апрокуратура украинатәи аган изныкымкәа ирыдҵаалахьеит зыӡбахәы ҳәоу ахаҿқәа Қырҭтәыла иарҭарц азыҳәан, аха, уезгьы, Украина анапхгара Қырҭтәыла аҳәынҭқарра апатуқәҵара азаамырҧшыкәа, ацәгьауцәа Қырҭтәыла иарымҭеит.
Қырҭтәыла аиҳабыра ирзеилкаауам Украина анапхгара аиҩызаратә ҩ-тәылаки ажәларқәеи реизыҟазаашьақәа еицәазтәуа аӡбарақәа зрыдыркыло.
Агәыҕра ду ҳамоуп Украина анапхгара Қырҭтәылеи Украинеи, ақырҭуааи аукраин жәлари реиҩызаратә еизыҟазаашьақәа ирҧырхагоу аӡбарақәа реиҭахәаҧшра рылшап ҳәа. Аизыҟазаашьақәа рҭыҧқәҵаразы, раҧхьа иргыланы, Украина анапхгара, иахьа Украина аиҳабыраҿ амаҵзураҭыҧ дуқәа аанызкыло ацәгьауцәа хымҧада Қырҭтәыла иарҭароуп.
Агәра ганы ҳаҟоуп аполитикцәа ирыдыркыло аӡбарақәа зеиҧшразаалакгьы, ҳтәылақәеи ҳажәларқәеи рыбжьара аҭоурыхтә аиҩызара аҵшәаара шрылымшо”, – иануп Қырҭтәыла аиҳабыра иҟарҵаз аҳәамҭа аҿы.