Қырҭтәыла аиҳабыра адезинформациа иаҿагыло ақәҧара ахырхарҭала аҽазышәара арҕәҕәара иазку 2024-2027 шықәсқәа рзтәи акоммуникациатә стратегиа шьақәдырҕәҕәеит
Қырҭтәыла аиҳабыра адезинформациа иаҿагыло ақәҧара ахырхарҭала аҽазышәара арҕәҕәара иазку 2024-2027 шықәсқәа рзтәи акоммуникациатә стратегиа шьақәдырҕәҕәеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала аиҳабыра реилатәара мҩаҧган.

Аминистрцәа амш аусхәаҧштә ала иазҧхьгәаҭаз 13 зҵаарақәа ирыхәаҧшит.

Аилатәараҿы ишьақәдырҕҕәеит ақәҵара апроект – Қырҭтәыла аиҳабыра ркоммуникациатә стратегиа   2024-2027 шықәсқәа рзы.

Қырҭтәыла аиҳабыра еиқәдыршәаз адокумент хықәкыс иамоуп аиҳабыреи ажәлари рыбжьара апрактикатә, акоординациа зызу акоммуникациатә система иадҳәаланы иаку ахәаҧшыра аус адулара уи, ганкахьала, ауааҧсыра иаҳа ирацәаны аинформациа рыҭара иацхраауеит, егьи аганахьала, Қырҭтәыла аиҳабыра акыраамҭалатәи ркоммуникациатә хықәкқәа ирышьашәалоуп. Акоммуникациа астратегиа еиқәыршәоуп 2023 шықәсазы аиҳабыра ишьақәдырҕәҕәаз амилаҭтә политика адокумент  − „Ахәаҧшыра 2030 – Қырҭтәыла аҿиара астратегиа“ ашьаҭала, зыӡбахәы ҳәоу адокумент атәыла аҿиара иазку акыраамҭалатәи ахәаҧшыреи, априоритетқәеи, ахықәкқәеи, аҳасабтәқәеи ирышьашәалоуп.

Астратегиаҿы аҧыжәара змоу ахырхарҭақәа иреиуп адезинформациеи ииашам ажәабжь ҿыцқәеи ирҿагылоу ақәҧареи адезинформациа иаҿагылоу ақәҧара ахырхарҭала аҽазышәарақәеи рырҕәҕәареи аҳәынҭқаратә усбарҭақәа рстратегиатә коммуникациақәа аҟәшақәа рылшарақәа аизырҳареи.

Адокумент аус адулара апроцесс иалахәын Қырҭтәыла аиҳабыратә усбарҭақәа  рстратегиатә коммуникациақәа аҟәшақәа рхаҭарнакцәеи, иара убас, жәларбжьаратәии аҭыҧантәи аекспертцәеи, Амилаҭтә шәарҭадара ахеилаки, НАТОи, Евроеидгылеи ринформациатә центрқәа астратегиатә коммуникациақәа рхаҭарнакцәеи.

Астратегиа ахықәкқәа рынагӡаразы Америка аҳәынҭқарратә департамент  аҧара ззоунашьҭыз апрограмма („Астратегиатә коммуникациақәа иаҳа еиҕьу аҧеиҧш азы“) аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧган Қырҭтәыла аиҳабыратә усбарҭақәа рстратегиатә коммуникациақәа асистематә ҭҵаарақәа, урҭ рыбзоурала иаарҧшын ари ахырхарҭала иҟоу апроблемақәеи, иара убас, астратегиатә коммуникациақәа рырҿиаразы иҟоу алшарақәеи.