Қырҭтәыла аҳәаахьчаратә аӷбақәа USS Arleigh Burke-и Амшын Еиқәаҿ азыҟаҵарақәа еицымҩаԥыргеит
Қырҭтәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра иаҵанакуа Аҳәаатә полициа аҳәаахьчаратә департамент ахаҭарнакцәеи ЕАШ арратә-мшынтә мчқәа рыӷба USS Arleigh Burke-и Амшын Еиқәаҿ азыҟаҵарақәа еицымҩаԥыргеит.
Аҳәаатә порлициа аинформациа ала, азыҟаҵарақәа рзы аладырхәит аԥшыхәратә аӷбақәа: “Диоскуриеи” (P25), “Очaмчыреи” (P23), “Аҟәеи” (P24).
“Азыҟаҵарақәа хықәкыс ирыман аӷбақәа ртактикатә маневрқәеи егьырҭ аелементқәеи реиӷьтәреи, аекипажқәа реизыҟазаашьақәа рырӷәӷәареи, Қырҭтәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра иаҵанакуа Аҳәаатә полициа аҳәаахьчаратә лшарақәа реиӷьтәреи,” – иануп аинформациа аҿы.