«Қырҭтәыла аҳаҭыртә консулцәа рконференциа – аусеицура апартниорра ҕәҕәа азы» мҩаҧысит
«Қырҭтәыла аҳаҭыртә консулцәа рконференциа – аусеицура апартниорра ҕәҕәа азы» еиҿкаан Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ала. Ауснагӡатә рхы аладырхәит 50 ҳәынҭқаррақәа рҟынтә аҳаҭыртә консулцәа.
«Гәахәарыла иазгәасҭар сҭахуп 2014 шықәсазы имҩаҧгаз раҧхьатәи аиҧылара ашьҭахь, 64 ҳәынҭқаррақәа рҿы Қырҭтәыла аҳаҭыртә консулцәа рхыҧхьаӡара шацлаз 19ҩык рҟынтә 85ҩык рҟынӡа. Уи алагьы иубарҭоуп ҳара адунеи зехьынџьара Қырҭтәыла аҳаҭыртә консулцәа раҳа арҭбаара ҳшазҿлымҳау. Зыгәра угаша ахырхарҭеи атранзит-логистикатә центри ҳасабала Қырҭтәыла аӡыргара апроцесс аҿы ҳалахәызаара аҵакы ду амоуп. Аҳаҭыртә консулцәа ринститут хықәкыс иамоуп дара иахьыҟоу аҳәынҭқаррақәа рҿы ҳтәыла иазкны адырра аизырҳареи, ҳтәыла аӡыргареи, ахәаахәҭреи, аинвестициақәеи, атуризми, аҵарадырреи, акультуреи аусхкқәа рҿы аусеицура арҭбаареи. Иахьазы, 64 ҳәынҭқаррақәа рҿы 90ҩык Қырҭтәыла аҳаҭыртә консулцәа иҟоуп», — иҳәеит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили ауснагӡатә аҿы данықәгылоз.