"Қырҭтәыла аеронавигациа" ақырҭуа-азербаиџьантәи аҳәаа иазааигәаны аҭырқәа арратә ҳаирплан акаҳара иадҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит
"Қырҭтәыла аеронавигациа" ақырҭуа-азербаиџьантәи аҳәаа иазааигәаны аҭырқәа арратә ҳаирплан акаҳара иадҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит

“Қырҭтәыла аеронавигациа” ақырҭуа-азербаиџьантәи аҳәаа иазааигәаны аҭырқәа арратә ҳаирплан акаҳара иадҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит.

Аҳәамҭа ишану ала, аҭырқәа ҳаирплан иахьынтәаауаз азербаиџьантәи ақалақь Гианџьа аҳаирбаҕәазеи аҭырқәа агани адырра рырҭахьеит, аҧшаара-аиқәырхаратә усурақәа мҩаҧысуеит.

«Амаҵзура 112 аҟынтә “Қырҭтәыла аеронавигациа”  иаиуз адырра инақәырәшаны,   аҭырқәа ҳаирплан каҳаит Қырҭтәыла аҵакырадгьылаҿ,  Азербаиџьантәи аҳәаа иазааигәаны.

Жәларбжьаратәи апротокол инақәыршәаны,  „Қырҭтәыла аеронавигациа“ аҧшааратә гәыҧ аҳаирплан ахькаҳаз аҭыҧашҟа идәықәлеит.

Ҭырқәтәыла арратә ҳаиплан  C130   „Қырҭтәыла аеронавигациа“ арадар аҟынтә ибжьаӡит Қырҭтәыла аҳәаа ианахыс ашьҭахь минуҭқәак рнеҩс, ашәарҭара адырра ҟамҵакәа, убри анеҩс,  „Қырҭтәыла аеронавигациа“ аҧшаара-аиқәырхаратә усурақәа рымҩаҧгара иалагеит.

Аҭырқәа ҳаирплан иахьынтәаауаз азербаиџьантәи ақалақь Гианџьа аҳаирбаҕәазеи аҭырқәа агани адырра рырҭахьеит», — иануп  «Қырҭтәыла аеронавигациа» аҳәамҭаҿы.