Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы ишырҳәаз ала, ацҳаражәҳәарҭақәа Саломе Зурабишвили лвизит аиҿкааратә зҵаарақәа аус рыдырулом
Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы ишырҳәаз ала, ацҳаражәҳәарҭақәа Саломе Зурабишвили лвизит аиҿкааратәи алогистикатәи зҵаарақәа аус рыдырулом.
«Зыӡбахәы ҳәоу авизитқәа атәыла аиҳабыра рҟны еиқәшаҳаҭым, убри аҟынтә, аҳәаанырцә иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭақәа авизитқәа реиҿкааратәи алогистикатәи зҵаарақәа аус рыдырулом», — ирҳәеит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзураҿы.
Аханатә Саломе Зурабишвили, ари аиҧылара афотоҭыхымҭа алалырҵәеит асоциалтә аҳа „Феисбуқ“ лхатә даҟьаҿы, аха, анеҩс, афотоҭыхымҭа ианылхит. Уажәы уи убар ҟалоит Инстаграмм аҿы.
Қырҭтәыла ахада ладминистрациа Саломе Зурабишвилии Франк-Вальтер Штаинмаиери реиҧылара иазку аофициалтә информациа макьана ицәыррымгацт.
Нанҳәа 30 рзы Қырҭтәыла ахада ладминистрациа аинформациа аладырҵәеит нанҳәа 31 инаркны Қырҭтәыла ахада европатәи алидерцәа рҟны аиҧыларақәа рымҩаҧгара дшалаго азы. Ахада ладминистрациаҿы ишырҳәаз ала, арҭ аиҧыларақәа акандидат астатус иадҳәалоуп. Анеҩс, Қырҭтәыла аиҳабыра, Саломе Зурабишвили авизитқәа рымҩаҧгаразы мап шылцәыркыз иазкны аҳәамҭа аладырҵәеит.
Иахьа ари азҵаара иадҳәаланы аҳәамҭақәа ҟарҵеит „Ақырҭуа гәахәтәы“ ахаҭарнакцәагьы. Анапхгаратә гәыҧ алахәылацәа ишырҳәаз ала, атәыла ахада Қырҭтәыла Аконституциа еилалгеит, ари афакт иахәҭоу ақәҿыҭра аҭатәуп.