Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы Андриус Калиндра иҟны аиҧылара хыркәшоуп
«Сынтәа Қырҭтәылеи Литвеи рдипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара инаркны 30 шықәса аҵра иазгәарҭоит, убри аҟынтә, Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы имҩаҧгаз аиҧылараҿы ҳаизыҟазаашьақәа иаҳа рырҭбааразы иҟоу алшарақәа ҳрылацәажәеит», – иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Литва ацҳаражәҳәаҩ Андриус Калиндра Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы имҩаҧгаз аиҧылара ашьҭахь.
Ацҳаражәҳәаҩ иазҵааит: «Литва адәныҟатәи аусқәа рминистр Қырҭтәыла ивизит шәалацәажәама?» ҳәа, Калиндра абас аҭак ҟаиҵеит: «Ҳагьалацажәеит ҳагьаламцәажәеит».
Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы Калиндра диҧылеит Европа адепартамент адиректор Гиа Зурабашвили.