Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра Женева имҩаԥысуа жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 63-тәи рраунд инамаданы аҳәамҭа аланарҵәоит
Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра Женева имҩаԥысуа жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 63-тәи рраунд инамаданы аҳәамҭа аланарҵәоит.
Аусҳәарҭа аинформациа ала, ақырҭуа делегациа Женеватәи жәларбжьаратәи адискуссиақәа раан ахадаратә ақәыӷәӷәара ҟанаҵеит амш аусхәаԥштә иалаз азҵаарақәа, ҷыдала – 2008 шықәса нанҳәа 12 рзы амца аанкылара иазкны аганқәа еицрыдыркылаз аиқәшаҳаҭрала Урыстәыла ахы иаднаҵаз аҧхықәрақәа рынагӡара ахымҧадареи ахҵәацәа шәарҭада рыхынҳәреи иадҳәалоу азҵаарақәа.
«2025 шықәса хәажәкыра 4-5 рзы Женева имҩаԥысит ажәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 63-тәи рраунд, аиҿцәажәарақәа иалахәуз Қырҭтәылатәи аделегациа дахагылан Адәныҟатәи аусқәа рминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Лаша Дарсалиа.
Ақырҭуа делегациа Женеватәи жәларбжьаратәи адискуссиақәа раан ахадаратә ақәыӷәӷәара ҟанаҵеит амш аусхәаԥштә иалаз азҵаарақәа, ҷыдала – 2008 шықәса нанҳәа 12 рзы амца аанкылара иазкны аганқәа еицрыдыркылаз аиқәшаҳаҭрала Урыстәыла ахы иаднаҵаз аҧхықәрақәа рынагӡара ахымҧадареи ахҵәацәа шәарҭада рыхынҳәреи иадҳәалоу азҵаарақәа.
Иаҵшьны иазгәаҭан Гали Ергнеҭи, Аидысларақәа разԥхьагәаҭареи раԥырҟәҟәаареи рзы амеханизм (IPRM) аҳәаақәа ирҭагӡаны аиԥыларақәа рымҩаԥгара аҵакы.
Иара убас, Женева имҩаԥысит ажәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 63-тәи рраунд аҳәаақәа ирҭагӡаны, ақырҭуа делегациа урыстәылатәи ампыҵахалара амшала ашәарҭадареи агуманитартә ҭагылазаашьеи аганахьала иҟоу апроблемақәа ирызку азҵаарақәеи, закәандарала имҩаԥысуа амилитаризациеи (ҷыдала, Очамчыра закәандарала арратә база аргылареи Аҟәа аҳаирбаӷәазеи), ирызку азҵаарақәеи иқәдыргылеит. Ақырҭуа ган иаҿагылеит импыҵахалоу Аԥсны апрезиденттә алхрақәа рымҩаԥгара афакт. Ақырҭуа ган иазгәанаҭеит импыҵахалоу Аԥсны апрезиденттә алхрақәа закәандарала рымҩаԥгара Қырҭтәыла асуверенитети атерриториатә акзаареи шеиланаго.
Урыстәылеи уи ампыҵахалатә режим ахаҭарнакцәеи рдеструктивтә позициа амшала, ахадаратә зҵаарақәа иреиу азҵааразы – ахҵәацәа рыхынҳәра азҵааразы адискуссиа зымҩаҧымсит. Ари азҵаара алацәажәара ианалагаҵәҟьа, Москвеи импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа де-факто рхаҭарнакцәа ари атема аполитикатә ашьаҭа аҭаны, аиҿцәажәарақәа аанрыжьит,“ – иануп аҳәамҭаҿы.