Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра – Қырҭтәыла Азербаиџьани Шәамахьтәылеи рыбжьара аҳәаа аделимитациа иазку акомиссиа аделимитациа апроцесс алагара иадҳәаланы иаднакылаз аиқәшаҳаҭра иадгылоит
«Қырҭтәыла Азербаиџьани Шәамахьтәылеи рыбжьара аҳәаа аделимитациа иазку акомиссиа аделимитациа апроцесс алагара иадҳәаланы иаднакылаз аиқәшаҳаҭра иадгылоит», – иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.
«Қырҭтәыла арегионаҿ акыраамҭалатәи аҭынчра аиқәыршәара иазҿлымҳауп. Қырҭтәыла даҽазнык ишьақәнарҕәҕәоит агәылацәа рыбжьара аҭынчреи агәреибагареи аиҭашьақәыргылара аус аҿы алагала аҟаҵара ишазыхиоу», — иануп аҳәамҭаҿы.