Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра - Иахьатәи аиҧылараҿы украинатәи аган Украина Аҧшыхәратә маҵзура аҳәамҭа иадҳәаланы изакәызаалак шаҳаҭгак цәыррымгеит
Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы аминистр ихаҭыҧуаҩ Ҭеимураз Џьанџьалиеи Украина ацҳаражәҳәарҭа ахаҭарнак Андреи Касианови реиҧылара мҩаҧысит.
Аиҧылараҿы Украина ахаҭарнак ишиҳәаз ала, украинатәи аган аларҵәара зауз аинформациа иаргәамҵуеит. Ари аинформациа инақәыршәаны, ақырҭуа амаҵзура ҷыдақәеи иашьашәалоу урыстәылатәи амаҵзурақәеи Қырҭтәыла аҵакырадгьыл иалганы аконтрабандатә аидара амҩангаразы еиқәшаҳаҭхеит. Аиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан ари аинформациа шиашам, абри аҩыза аҳәамҭақәа ҩ-тәылак реиҩызаратә еизыҟаазаашьақәа ишырҧырхагоу, иара убас, Қырҭтәылазы шшәарҭоу.
Украинатәи адипломат Қырҭтәыла иашьашәалоу амаҵзурақәа рҟынтә аинформациа наӡа иоуит. Иара убас, ақырҭуа аган аҳәара ҟарҵеит украинатәи аган ари аинформациа шьақәзырҕәҕәаша ашаҳаҭгақәа цәырыргарц, аха, аиҧылараҿы изакәызаалак шаҳаҭгак цәыргамызт.
Украина ахаҭарнак ақырҭуа аган ҭабуп ҳәа реиҳәеит Украина адгылареи, агуманитартә цхыраареи, украинатәи ахҵәацәа рыдкылареи, жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа зегьы рҿы Украина адгылареи азыҳәан.
Ақырҭуа аган даҽазнык ишьақәдырҕәҕәеит Украина ишадгыло, ари атәылаҿы имҩаҧысуа ахҭысқәа даараӡа ишаргәамҵуа.
Иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәылеи Украинеи реиҩызареи рпартниорреи аҩ-тәылак рзы аҵакы ду шамоу.