Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра - Беларуси Қырҭтәылеи ҩ-ганктәи реизыҟазаашьақәа иазҧхьагәаҭаны, Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рхьыҧшымра азхаҵара азҵаара иқәгылам
Беларуси Қырҭтәылеи ҩ-ганктәи реизыҟазаашьақәа иазҧхьагәаҭаны, Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рхьыҧшымра азхаҵара азҵаара иқәгылам, — ари аҳәамҭа ҟарҵеит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы.
Аусбарҭаҿы ишырҳәаз ала, урыстәылатәи АИХ Беларус ахада Алеқсандр Лукашенко урыстәылатәи ажурналист Владимир Соловиов ииҭаз аинтервиу рхатә интерпретациа аҭаны иаладырҵәеит.
«Беларуси Қырҭтәылеи ҩ-ганктәи реизыҟазаашьақәа иазҧхьагәаҭаны, Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рхьыҧшымра азхаҵара азҵаара иқәгылам. Беларус, ари аганахьала, ҧасеиҧш жәларбжьратәи зин ахадаратә принципқәа ирықәныҟәоит.
Урыстәылатәи АИХ Беларус ахада Алеқсандр Лукашенко урыстәылатәи ажурналист Владимир Соловиов ииҭаз аинтервиу рхатә интерпретациа аҭаны иаладырҵәеит», — илҳәеит адәныҟатәи аусбарҭа апресс-маӡаныҟәгаҩ Мари Нарчемашвили.
Уажәааигәа урыстәылатәи АИХ аинформациа аладырҵәеит Лукашенко Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рхьыҧшымра азхеиҵар ҟалап ҳәа. Ажурналист Лукашенко диазҵааит Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рхьыҧшымра азхаҵара игәы иҭоума ҳәа. Лукашенко абас аҭак ҟаиҵеит — «Уи хымҧада иҟаҵатәума?… Хымҧада иҟаҵатәуп ҳәа анеилыскалак, уи ҟаҵатәуп ҳәа ахада иансеиҳәалак».