Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра  - Ассоциациа иазку аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра ашьҭахь, бжьышықәса рыҩнуҵҟала, Қырҭтәыла, Евроеидгыла ашҟа аинтеграциа апроцесс аҿы крызҵазкәа апрогресс амоуп
Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра  - Ассоциациа иазку аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра ашьҭахь, бжьышықәса рыҩнуҵҟала, Қырҭтәыла, Евроеидгыла ашҟа аинтеграциа апроцесс аҿы крызҵазкәа апрогресс амоуп

«Ассоциациа иазку аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра ашьҭахь, бжьышықәса рыҩнуҵҟала, Қырҭтәыла, Евроеидгыла ашҟа аинтеграциа апроцесс аҿы крызҵазкәа апрогресс амоуп, уи абзоурала,  Қырҭтәыла, азакәанҧҵаратәи аинституциатәи аҩаӡарақәа рҿы,   Евроеидгыла иаҳа иазааигәахеит», — иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.

«Ассоциациеи Зхы иақәиҭу ахәаахәҭратә қәыҧшылара наӡеи ирызку аиқәшаҳаҭрақәа рыбзоурала, Қырҭтәыла иаҳа аимпульс аиуит  Евроеидгылеи Қырҭтәылеи рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә еизыҟазаашьақәа рырҭбааразы. Евроеидгыла Қырҭтәылазы ахадаратә ахәаахәҭратә партниорс иҟалеит. Иара убас, абарҭ аиқәшаҳаҭрақәа Қырҭтәыла аинвестициатә лагылазаара аиҕьтәра иацхрааит.

Евроеидгыла Қырҭтәыла иаҳа ирацәаны ацхыраара азоунашьҭуеит. Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, афинанстә цхыраара амҽхак хәыҷы-хәыҷла азҳауеит.

Аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны Қырҭтәыла имҩаҧгаз ареформақәа рыбзоурала, авизатә режим алиберализациа апроцесс  2017 шықәсазы қәҿиарала ихыркәшан.

Абарҭ ақәҿиарақәа рыбзоурала,  Қырҭтәыла,  2024 шықәсанӡа, аиқәшаҳаҭра аҭагылазаашьақәа  60-65% нагӡаны, Евроеидгыла алалара амзызла  азыҳәамҭа аҟаҵаразы аҽазыҟанаҵоит», — иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.