Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра – Алхрақәа ирыцклаҧшуа анаҧшратә миссиа ааҧхьара аҿҳәарақәа арбоуп апланаҿ, аха, рыцҳарас иҟалаз, аполитикатә мчқәак хықәкыла ари азҵаара аполитикатә ашьаҭа арҭар рҭахуп
«2024 шықәсазы имҩаҧысуа апарламенттә алхрақәа ирыцклаҧшуа акыраамалатәи анаҧшратә миссиа ааҧхьара аҿҳәарақәа арбоуп Евроинтеграциа азҵарақәа рзы аиҳабыратә комиссиа ҵыҧх абҵара 27 рзы ишьақәнарҕәҕәаз апланаҿ. Зыӡбахәы ҳәоу аплан жәбар шәылшоит Қырҭтәыла аиҳабыра рсаит аҿы», — иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.
«Қырҭтәыла иаиуз абжьагарақәа рынагӡара иазку апланаҿ инарҭбааны иарбоуп атәылаҿ зхы иақәиҭу, иаарту, аконкуренциа ахьыҟало алхрақәа рымҩаҧгаразы атәыла аиҳабыра имҩаҧырго аусмҩаҧгатәқәеи аҿҳәарақәеи.
Рыцҳарас иҟалаз, аполитикатә мчқәак хықәкыла ари азҵаара аполитикатә ашьаҭа аҭаны, ҳуааҧсыра ржьар рҭахуп», — иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.