Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Алеқсандр Лукашенко   ивизит Аҧсны  иазкны Беларустәи аган аҟынтә иацҵаны аилыркаарақәа иаҳәеит
Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Алеқсандр Лукашенко ивизит Аҧсны иазкны Беларустәи аган аҟынтә иацҵаны аилыркаарақәа иаҳәеит

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Алеқсандр Лукашенко Аҧсны ивизит иадҳәаланы беларустәи аган рҟынтә иацҵаны аилыркаарақәа иаҳәеит. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.

«Апротест адыргала,  Қырҭтәыла иҟоу Беларус ацҳаражәҳәаҩ  Анатолий Лис Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистррашҟа иҧхьеит.

Аиҧылара Беларус ахада импыҵахалоу Аҧсны ивизити ампыҵахалатә режим ахаҭанакцәа рҧылареи иазкын.

Ақырҭуа аган ари афакт иадҳәаланы иацҵаны аилыркаарақәа иаҳәеит», — ирҳәеит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы.

Ишдыру ала, иахьа Беларус ахада   Алеқсандр Лукашенко  импыҵахалоу Аҧсны днеины, импыҵахалоу Аҧсны де-факто ахада  Аслан  Бжьаниа диҧылеит.