Қырҭтәыла адәныҟатәи аусҳәарҭа Урыстәылатәи Афедерациа ахь ааԥҳьара ҟараҵоит азакәандареи апровокациақәеи ирҟәыҵны, Қырҭтәыла атерриториатә акзаареи асувеернитети пату рықәҵаны, ахыдҵақәа нанагӡарц
Қырҭтәыла адәныҟатәи аусҳәарҭа Урыстәылатәи Афедерациа ахь ааԥҳьара ҟараҵоит азакәандареи апровокациақәеи ирҟәыҵны, Қырҭтәыла атерриториатә акзаареи асувеернитети пату рықәҵаны, ахыдҵақәа нанагӡарц

Нанҳәатәи аибашьра 14 шықәса рышьҭахь Урыстәыла еиҭах нанагӡом 2008 шықәса нанҳәа 12 рзы ибжьаҵаз ахымца аанкылара иазку аиқәшаҳаҭрала агаз ахыдҵақәа, – иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа аҿы.

Адәныҟатәи аусҳәарҭа аҳәамҭаҿ ишану ала, Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа Аԥсни Цхинвалии рҿы ауаҩытәыҩса изинқәа реилагареи, аетникатә дискриминациеи, ахҵәацәеи мчыла ихгоу ауааԥсыреи рзинқәа еилагареи Урыстәыла изакәаным ампыҵахалара иахылҵыз агуманитартә рыцҳара ду ауп.

«Иахьа, 2022 шықәса нанҳәа 7 рзы 14 шықәса ҵит Урыстәылатәи Афедерациа Қырҭтәыла аганахьала 2008 шықәсазы иаарту арратә интервенциа мҩаԥнагеижьҭеи. Уи иалҵшәаны Урыстәыла Қырҭтәыла иузеиҟәымҭхуа арегионқәа – Аԥсни Цхинвалтәи арегион/Аахыҵ Уаԥстәыла  изакәанымкуа рымпыҵахалара мҩаԥнаган, урҭ “зхы иақәиҭу ҳәанҭқаррақәас” азханаҵеит.

14 шықәса рышьҭахь Урыстәыла еиҭах нанагӡом 2008 шықәса нанҳәа 12 рзы ибжьаҵаз ахымца аанкылара иазку аиқәшаҳаҭрала агаз ахыдҵақәа, импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы изакәаным ахылаԥшра аҳәаақәа арҭбаауеит. Ампыҵахаларатә цәаҳәаҿ аихатә ҭелқәа рыбжьаҵареи, изакәаным аанкыларақәеи, ауаа рымҵарсреи, ауаҩытәыҩса изинқәа реилагареи,  ақырҭуаа аетникатә рдискриминациеи рыла Урыстәыла ашәарҭадареи, ауаҩытәыҩса  изинқәеи агуманитартә ҭагылазаашьеи рганахьала аҭагылазаашьа иаҳа арцәгьоит.

Ауаҩытәыҩа изинқәа реилагареи, аетникатә дискриминациеи, хҵәацәеи мчыла ихгоу ауааԥсыреи рзинқәа еилагареи Урыстәыла изакәаным ампыҵахалара иахылҵыз агуманитартә рыцҳара ду ауп. Давид Башарулии Гига Оҭхозориеи, АрчилТатунашвили ршьҩцәа рыҵәахра ала амилаҭтә тәызаара ашьаҭала амчылара ашәарҭа иазҳауеит. Ари афон аҿы аҭыԥқәа рҿы иуадаҩхо иалагеит аҭынчрачаԥаратәи азинхьчаратәи еиҽкаарақәа русзур, амандат иахәамԥшыкәа, Евроеидгыла анаԥшратә миссиа Аԥсни Цхинвалтәи арегион аҟны ампыҵахаларатә режим ала аблокирра рзууп.

Ари афон аҿы Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы 2021 шықәса ажьырныҳәа 21 рзы Европатәи аӡбарҭа 2008 шықәсазы иҟалаз урыстәыла-қырҭтәылатәи аибашьра иазкны аднакылаз аӡбамҭа ала, аиуристтә шьаҭа аманы шьақәырӷәӷәан Урыстәылатәи Афедерациа Қырҭтәыла арегионқәа – Аԥсни Цхинвалтәи арегион/Аахыҵ Уаԥстәыла рымпыҵахалара нанагӡоит, импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы ауаҩытәыҩа изинқәа реилагаразы Урыстәыла аҭакԥхықәра адуп.  Қырҭтәыла нанагӡоит урыстәыла-қырҭтәылатәи аимак ҭынчмҩала аҭыԥқәҵара аполитика, уи хықәкыс амоуп ампыҵахаларатә цәаҳәала еиҟәшоу ауаажәлар рыбжьара агәрагара аиҭашьақәыргылареи, азеиԥш европатәи аԥеиԥш аргылареи.

Қырҭтәыла асуверенитети атерриториатә акзаареи рыдгылареи, урыстәыла-қырҭтәылатәи аимак аҭыԥқәҵаразы алагала ду азы зы жәларбжьаратәи ауаажәларра иҭабуп ҳәа раҳҳәоит….

Қырҭтәыла адәныҟатәи аусҳәарҭа Урыстәылатәи Афедерациа ахь ааԥҳьара ҟараҵоит азакәандареи апровокациақәеи ирҟәыҵны, Қырҭтәыла атерриториатә акзаареи асувеернитети пату рықәҵаны, ахыдҵақәа нанагӡарц…

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра 2008 шықәсазы фырхаҵарала иҭахаз аибашьцәа рҭаацәарақәа адашшылара рзаанарԥшуеит”, – иануп аҳәамҭа аҿы.