Қырҭтәыла аԥсабарахьчаразы адепартамент - Аҩеиӡтә мҽыша инамаданы ашыц изакәаным ахҵәаразы ахылаԥшра џьбарахоит
Қырҭтәыла аԥсабарахьчаразы адепартамент - Аҩеиӡтә мҽыша инамаданы ашыц изакәаным ахҵәаразы ахылаԥшра џьбарахоит

Қырҭтәыла аԥсабарахьчареи ақыҭанхамҩеи рминистрра иаҵанакәа Аԥсабарахьчара ахылаԥшра адепартамент аҳәамҭа инақәыршәаны, Аҩеиӡтә мҽыша инамаданы ашыц изакәаным ахҵәаразы ахылаԥшра џьбарахоит.

Адепартамент аинформациа ала, адепаратмент аекипажқәа атәыла амасштабла, 24 сааҭтәи ахылаԥшра мҩаԥыргоит аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ашыц изакәанымкәа ахҵәара афактқәа ахьаарԥшыз аҭыԥқәа рҿы.

Аҧсaбaрaхьчaрa aминистррa aтәылaуaa рaхь aхaзырхaрa ҟaнaҵоит Аҩеиӡтә мҽыша иaдҳәaлaны aшыц ҧырымҟaрц, ирҭaхызaр aшәҭҭрaқәa рҿы иaaрхәaрц. Колхидатәи ашыц ашҟәы ҟаԥшь иҭаҩу аҵиаауп. Уи  aҧҟaрaзы aштрaф 500-1000 лaри иaҟaроуп,  – иaнуп aминистррa aҳәaмҭa aҿы.