Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе Амҵәышәмпыл азы жәларбжьаратәи афедерациа ахада Хорхе Гарбахоса диԥылеит
Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе Амҵәышәмпыл азы жәларбжьаратәи афедерациа ахада Хорхе Гарбахоса диԥылеит.
Аиԥылараҿ Қырҭтәыла амҵәышәмпыл адгыларазы имҩаԥгаз ауснагӡатәқәеи аспорттә инфраструктура ахырхарҭала иҟоу апланқәеи ирыхәаԥшит.
Иара убас аиԥылраҿ иахцәажәеит U16 Европа ачемпионат амҩаԥгара азҵаареи. Хорхе Гарбахоса ачемпионат Қырҭтәыла ахьымҩаԥысуа азы, зеиԥшҟамлац ала ибзианы аиҿкааразы аԥыза-министр иҭабуп ҳәа иаиҳәеит.
Амҵәышәмпыл азы жәларбжьаратәи афедерациа ахада Евробаскет аҿы Қырҭтәыла амилаҭтә еизга ақәҿиарақәа изеиӷьаишьеит