Қырҭтәыла финтек-индустриа арҿиара амзызла,  Амилаҭтә банк аҧхьагылара змоу аилахәыра  Elevandi аус ацура иалагоит
Қырҭтәыла финтек-индустриа арҿиара амзызла,  Амилаҭтә банк аҧхьагылара змоу аилахәыра  Elevandi аус ацура иалагоит

Азиатәи аҿиара абанк  (ADB) 57-тәи ашықәстәи аиҧылара аҳәаақәа ирҭагӡаны,  Қырҭтәыла Амилаҭтә банки  Elevandi-и аусеицура амеморандум рыбжьарҵеит.

Амилаҭтә банк ахада инапынҵақәа назыгӡо Наҭиа Турнавеи Сингапур амонетатә орган финтеқ директор Сопненду Моҳанти реиҧылараҿы аганқәа еицынарыгӡо апроектқәеи аусмҩаҧгатәқәеи ирылацәажәеит.  Аганқәа рхаҭарнакцәа арегионаҿ финтек индустриа арҿиара иазку ауснагӡатәқәа рплан еиқәдыршәоит.

Сопненду Моҳанти  аиҧылараҿы ишиҳәаз ала, иара Қырҭтәыла дахәаҧшуеит  арегионаҿ финтек центр аҳасабала, иара  ақырҭуа аган афинанстә техноллгиақәа рҿиара аус аҿы адгылара ҕәҕәа  иақәиргәыҕит.

Elevandi ацхыраарала, Қырҭтәыла финтек екосистема аӡыргара амзызла, асеминарқәеи атренингқәеи еиҿыркаауеит, уи Қырҭтәыла иҟоу  финтек аилахәырақәа рӡыргареи рдырра аиҕьтәреи иацхраауеит.

Ари аинформациа аланарҵәеит Амилаҭтә банк апрессмаҵзура.