Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра – Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Гьаргь  Зақарашвили Украина Адәынаҟатәи аусқәа рминистрраҿы изышьақәдырҕәҕәеит Украина атәылауаа Қырҭтәыла рыҟазаара шәарҭоуп ҳәа ргәы ишаанамго

Украина иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Гьаргь Зақарашвили  Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Евгени Перебинис диҧылеит. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.

Аусбарҭа адыррала,  аиҧылараҿы Қырҭтәылеи Украинеи реизыҟазаашьақәа ирылацәажәеит.

«Ақырҭуа аган даҽазнык ишьақәдырҕәҕәеит Қырҭтәыла Украина ишадгыло. Украинатәи аган ақырҭуа аган ҭабуп ҳәа рарҳәеит аполитикатә адгылареи агуманитартә цхыраареи,  иара убас,  украинатәи ахҵәацәа рыдкылареи  азыҳәан. Украинатәи аган ишазгәарҭаз ала,  Украина атәылауаа Қырҭтәыла рыҟазаара шәарҭоуп ҳәа ргәы иаанагом», — иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациаҿы.