Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра - Польша ацҳаражәҳәаҩ инапынҵақәа рынагӡаҩ иҟны аиԥылараҿ иаҵшьры иазгәаҭан польшатәи аҳақьым ихымҩаԥгашьа иабзоураны азеилымкаара шышьақәгылаз, апроцесс аганахьала иҟаз агәрагара шацәыӡуа

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили Қырҭтәыла иҟоу Польша ацҳаражәҳәаҩ инапынҵақәа рынагӡаҩ Мариус Пиетр Жаки диԥылеит.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ала, аиԥылараҿ ақырҭуа ган агәынамӡара аанарԥшит польшатәи амедикцәа ирыдҳәалаз аинцидент иазкны,  аларҵәара зауз адыррақәа рыла, польшатәи ҳақьымк Михеил Саакашвили иҟынтә иигаз аиуа ақьаад алаиҳәан, иеимаа иҭаҵаны маӡала уи агара иҭахын.

“Польшатәи адипломат даҽазнык иарҳәеит Михеил Саакашвили игәабзиара иазку аинформациа наӡа ауаажәларра рыҭара аҳәынҭқарра аинтересқәа ишрылоу. Польша ацҳаражәҳәаҩ инапынҵақәа рынагӡаҩ иҟны аиԥылараҿ иаҵшьры иазгәаҭан польшатәи аҳақьым ихымҩаԥгашьа иабзоураны азеилымкаара шышьақәгылаз, апроцесс аганахьала иҟаз агәрагара шацәыӡуа.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Польшатәи адипломат апозициа аарԥшра иҳәеит. Аиԥылараҿ польшатәи адипломат ишазгәеиҭаз ала, польшатәи аҳақьым ихымҩаԥгашьа зыхҟьаз адырра имам”, – иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аланарҵәаз аинформациа аҿы.