Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәаза 5 миллионҩык раҟара ауааҧсыра рымаҵ зуа  Европа иреиҕьу 5 ҳаирбаҕәазак  рсиа ианылеит
Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәаза 5 миллионҩык раҟара ауааҧсыра рымаҵ зуа  Европа иреиҕьу 5 ҳаирбаҕәазак  рсиа ианылеит

Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәаза 5 миллионҩык раҟара ауааҧсыра рымаҵ зуа  Европа иреиҕьу 5 ҳаирбаҕәазак  рсиа ианылеит.

Европа иареиҕьу аҳаирбаҕәаза аадырҧшуеит мшаҧы 9 рзы Севилиа имҩаҧысуа авиациатә форум  Routes Europe 2025 аҿы.  Иара убас, ари аусмҩаҧгатә аҿы аадырҧшуеит иреиҕьу еропатәи авиаеилахәыреи  атуристтә хырхарҭеи.

2024 шықәсазы Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҿ зеиҧшҟамлац ала апассаџьырцәа рацәан, урҭ рхыҧхьаӡара иазҳаит 29%-ла. Қәҿиарала имҩаҧгаз аиҿцәажәарақәа рыбзоурала, амза анҵәамҭа инаркны Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҿ етапла аусура иалагоит  европатәи 4 авиаеилахәырак:

  • Хәажәкыра  30 инаркны  –  британиатәи авиаеилахәыра  British Airways  Лондон-Қарҭ амаршрутла
  • Хәажәкыра  31 инаркны  – британиатәи алоукостер easyJet  3 хырхарҭак рыла: Лондон, Женева, Милан
  • Мшаҧы  12 инаркны  –  афранцыз  Transavia France  Париж-Қарҭ амаршрутла
  • Мшаҧы  12 инаркны  – швеицариатәи  Edelweiss  Циурих-Қарҭ амаршрутла.

Қарҭтәи аҳаирбаҕәаза инаваргыланы, иреиҕьу 5 ҳаирбаҕәазак рсиа иануп Бремени, Корфуи, Лондони,  Вильниуси рҳаирбаҕәазақәа.