"Қарҭтәи праид" аҿагыларатә акциаҿ Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусуҩцәа 26-ҩык ааныркылеит
"Қарҭтәи праид" аҿагыларатә акциаҿ Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусуҩцәа 26-ҩык ааныркылеит

Мҭаҵминда имҩаԥысыз “Қарҭтәи праид” аҿагыларатә акциаҿ Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусуҩцәа 26-ҩык ааныркылеит. Ари атәы Актәи аканал ахь Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апрессмаҵзура аҟынтә аарыцҳаит.

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ала, 26-ҩык аанкылоуп административтә зинеилагарақәа ркодекс 166-тәии 173-тәии ахәҭаҷқәа рыла.

Иҟоу адыррақәа рыла, иаанкылоу иреиуоуп “Альт-инфо” алидерцәа – Зураб Махараӡеи Иракли Мартиненкои, иара убас Гурами Александреи Ԥалавандишвилиаа.