„Қарҭтәи марафон“ 10 шықәса ахыҵит  - еизырго аҧара ҧасеиҧш агәыҳалалратә уснагӡатәқәа ирыларҵоит #1TVSPORT
„Қарҭтәи марафон“ 10 шықәса ахыҵит  - еизырго аҧара ҧасеиҧш агәыҳалалратә уснагӡатәқәа ирыларҵоит #1TVSPORT

Қырҭтәыла аҳҭнықалақьаҿ  жәашықәсатәи аҭоурых змоу „Қарҭтәи марафон“ мҩаҧысуеит. Аицлабрақәа 3 категориак рҿы имҩаҧысуеит: 10-километртәи адистанциаҿы,  амарафонбжаҿы, ахәыҷқәа рыбжьараҿгьы (мастеркласс).

„Ҳаидельбергцентр“ ала раҧхьаӡа акәны еиҿкаау амарафонбжа есышықәсатәи жәларбжьаратәи уснагӡатәс ишьақәгылеит.

„Қарҭтәи марафон“ иалахәып  15 000ҩык иреиҳаны ауааҧсыра  157 аҳәынҭқаррақәа рҟынтәи, агәыҳалалратә уснагӡатәқәа рзы еизгоуп  500 000 лари еиҳаны. Ари аҧарала, аҭахра ҷыдақәа змоу ауааҧсыреи ахәыҷқәеи рзы идырҽеит  асоциалтәи, аҵаратәи, анхарҭатәи қәыҧшыларақәа. Уажәазы, алахәылацәа ррегистрациантә ироуа аҧарала, Аутизм амилаҭтә центр иаҵанакәа коллеџьк аргылара иахҭнырҵоит.

Амарафонбжа аиааирагаҩцәа  „Ҳаидельбергцентр“ аҟынтә аҧаратә ҳамҭақәа роуеит. Актәи аҭыҧ азы  2500 лари, аҩбатәи азы  – 2000 лари, ахҧатәи азы  – 1500 лари.