Қарҭтәи ақалақьтә аӡбарҭа апокуратура аднагалаз ашаҳаҭга шьаҭас аҭаны, атеррористтә аиҿкаара алахәызаареи атеррористтә усзура ацхыраареи афакт азы хаҿык ахара ақәнаҵеит
Қарҭтәи ақалақьтә аӡбарҭа апокуратура аднагалаз ашаҳаҭга шьаҭас аҭаны, атеррористтә аиҿкаара алахәызаареи атеррористтә усзура ацхыраареи афакт азы хаҿык ахара ақәнаҵеит, – аарыцҳаит апрокуратура аҟынтә.
„Аҿбарҭа апроцесс аҿы ицәыргаз ашаҳаҭгала ишьақәырӷәӷәоуп ахара зду Қырҭтәыла атәылауаҩ атеррористтә аиҿкаара “Исламтәи аҳәынҭқарра” дшалаз, Шьамтәыла аҵакыраҿ “Исламтәи аҳәынҭқарра” аусзура активла дшалахәыз. Ари ада, ахара зду ахаҿы атеррористтә аиҿкаара адгыларазы атерроризм апропаганда азиуан.
Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аконтрԥшыхәратә центр аусуҩцәа, аконтрԥшыхәратә усзураан ироуз адыррақәа рышьаҭала, Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазаҿ Қырҭтәыла атәылауаҩы, “Исламтәи аҳәынҭқарра” алахәыла Ц. Т. дааныркылеит 2022 шықәса ԥхынҷкәын 7 рзы.
Аӡбарҭа Ц.Т. 12 шықәса аҭакра иқәнаҵеит,” – иануп апрокуратура аинформациа аҿы.