Аҳәынҭқарратә департамент -  Қырҭтәыла, ашәарҭадара аусхкы аҿы, Америказы крызҵазкәа партниорс иаанхоит
Аҳәынҭқарратә департамент -  Қырҭтәыла, ашәарҭадара аусхкы аҿы, Америказы крызҵазкәа партниорс иаанхоит

Қырҭтәыла, ашәарҭадара аусхкы аҿы, Америказы крызҵазкәа партниорс иаанхоит, — иануп Америка Аҳәынҭқарратә департамент  атерроризм аҿагылара иазку есышықәсатәи аҳасабырбаҿы.

«2020 шықәсазы Қырҭтәыла активла аусеицура нанагӡон атерроризм иаҿагыло азҵаарақәа рацәа рҟны.  Қырҭтәыла, ашәарҭадара аусхкы аҿы, Америказы крызҵазкәа партниорс иаанхоит.  Қырҭтәыла, атерроризм ахарадҵарала Қырҭтәыла атәылауаҩ азыӡба иқәырҵеит. Қырҭтәыла атерроризм аҿагылара иазку азакәанҧҵара еиҕьнатәит, аҳәаахьчаратә инфраструктура дырҕәҕәеит. 2020 шықәсазы Қырҭтәыла атеррористтә инцидентқәа иҟамызт», — иануп аҳасабырбаҿы.

Иара убас, адокумент ишану ала,  апандемиа амшала аҳәаақәа раркра  абзоурала, Қырҭтәыла иалсны атеррористцәа реиҭаҵра иҧкын.

Адокумент  хәҭак атерроризм аҧара азоужьҭреи амчыларатә екстремизми  иазкуп, ишазгәаҭоу ала, Қырҭтәыла абри ахырхарҭалагьы апрогресс ду иҟоуп.