Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет аҿы акциақәа мҩаҧызго  астудентцәа аректор икабинет ааныркылеит
Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет аҿы акциақәа мҩаҧызго  астудентцәа аректор икабинет ааныркылеит

Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет аҿы акциақәа мҩаҧызго  астудентцәа аректор икабинет ааныркылеит. Ари атәы ааицҳаит Қырҭтәыла Актәи аканал ажурналист.

Аҵысра  «Аҵара азықәҧара» иалахәы астудентцәа Гьаргь Шарвашиӡе иҧылареи иамхреи иаҳәоит.

Акциаа алахәылацәа ишырҳәаз ала, аректор уажәтәи асеместр нҵәаанӡа ауниверситет аҿы агибридтә аҵаратә режим ашьақәыргыларазы мап икит. Арегионқәа ирықәынхо астудентцәа Қарҭ ауадақәа рамхреи  алекциақәа рахь аныҟәареи рцәыуадаҩуп.

Астудентцәа ишырҳәаз ала, аректор дырҧыланы, инапынҵақәа шышьҭеиҵуа иҳәаанӡа икабинет иҭыҵуам.