Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет - Акциа алахәылацәа мчыла аректор икабинет ааныркылеит, ахәрақәа роуит ашәарҭадара маҵзура аусуҩцәеи ахьчаҩцәеи, урҭ  рҟынтә ԥшьҩык ахәышәтәырҭахь инагоуп
Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет - Акциа алахәылацәа мчыла аректор икабинет ааныркылеит, ахәрақәа роуит ашәарҭадара маҵзура аусуҩцәеи ахьчаҩцәеи, урҭ рҟынтә ԥшьҩык ахәышәтәырҭахь инагоуп

Иахьа ауниверситет аҿы гәыԥҩык астудентцәа мчыла аректор икабинет ааныркылеит, ахәрақәа роуит ашәарҭадара маҵзура аусуҩцәеи ахьчаҩцәеи, – иануп Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет аҳәамҭа аҿы.

Аҳәамҭаҿ ишазгәаҭоу, ахәрақәа зауз ԥшьҩык аусуҩцәа ахәышәтәырҭахь инагоуп.

Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет ақәыԥшцәа рахь ааԥхьара ҟанаҵоит аректорат ааныжьны, аконструктивтә диалоги аҵаратә процесси нарыгӡарц.

“Ԥшьҩык аусуҩцәа аклиникақәа рахь инагоуп. Апрфессуреи адекани раҳаҭыр ладырҟәит. Амчылара рхы аладырхәит егьырҭ ауниверситетқәа рстудентцәеи, атәым хаҿқәеи. Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет амчылра иаҿагылоит, ақәыԥшцәа рахь ааԥхьара ҟанаҵоит аректорат ааныжьны, аконструктивтә диалоги аҵаратә процесси нарыгӡарц. Астулентцәа рҟны акымкәа аиԥыларақәа мҩаԥыргеит аректор, аректор ихаҭыԥуаҩ, аканцлер, афакультети административтә департменти рхаҭарнакцәа”, – иануп аҳәамҭа аҿы.