Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет  - Администрациа, астудентцәа рсоциал-економикатә ҭагылазаашьа иазҧхьагәаҭаны, афиналтә ҧышәарақәа рыҭиразы Қарҭи, Қәҭешьи, Ахалцихеи альтернативтә ҭыҧқәа рыдаргалеит
Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет  - Администрациа, астудентцәа рсоциал-економикатә ҭагылазаашьа иазҧхьагәаҭаны, афиналтә ҧышәарақәа рыҭиразы Қарҭи, Қәҭешьи, Ахалцихеи альтернативтә ҭыҧқәа рыдаргалеит

«Ауниверситет,  онлаин аформат аҿы аҧышәарақәа рыҭира иаҳәо астудентцәа рахь ааҧхьара ҟанаҵоит апротест азы аконструктивтә формақәа рхы иадырхәарц», — иануп Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет аҳәамҭаҿы.

Аҳәамҭаҿы ишазгәаҭоу ала, администрациа, астудентцәа рсоциал-економикатә ҭагылазаашьа иазҧхьагәаҭаны, афиналтә ҧышәарақәа рыҭиразы Қарҭи, Қәҭешьи, Ахалцихеи альтернативтә ҭыҧқәа рыдаргалеит.

«Аректори администрациеи афакультетқәеи рхаҭарнакцәеи астудентцәа ирҧылеит, дара наҟ-наҟгьы адиалог амҩаҧгара иазыхиоуп», — иануп аҳәамҭаҿы.