Қарҭ, Женеватәи жәларбжьаратәи еиҿцәажәарақәа 63-тәи рраунд аҽазыҟаҵаратә аиԥылара мҩаԥган
Қарҭ, Женеватәи жәларбжьаратәи еиҿцәажәарақәа 63-тәи рраунд аҽазыҟаҵаратә аиԥылара мҩаԥган

Қарҭ, Женеватәи жәларбжьаратәи еиҿцәажәарақәа 63-тәи рраунд аҽазыҟаҵаратә аиԥылара мҩаԥган. Аиԥылара рхы аладырхәит ЕАР-и, OSCE-и, Евроеидгылеи реицхантәаҩцәа. Ақырҭуа ган аҟынтә аиԥылара ихы алаирхәит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр лхаҭыԥуаҩ, Женеватәи жәларбжьаратәи еиҿцәажәарақәа рҿы ақырҭуа делегациа анапхгаҩы Лаша Дарсалиа.

Аиԥылараҿ ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан аиҿцәажәарақәа рформат алҵшәа бзиа аиура ахымԥадара, ари аконтекст аҿы ақәыӷәӷәара ҟаҵан Женеватәи аиҿцәажәарақәа русхәаԥштә азҵаара хадақәа ирыдҳәаланы – 2008 шықәса нанҳәа 12 рзы аганқәа ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра ала Урыстәыла агаз ахыдҵақәа рынагӡареи мчыла ихгоу ауааԥсыреи ахҵәацәеи ишәарҭам, пату рықәҵаны рырхынҳәра ахырхарҭала апрогресс аиуреи.

Иаҵшьны иазгәаҭан Гали Ергнеҭи, Аинцидентқәа раԥырҟәҟәаареи рызхьаԥшреи рзы амеханизм (IPRM) аҳәаақәа ирҭагӡаны аиԥыларақәа рымҩаԥгара аҵакы.

Аиԥылараҿ ақырҭуа ган аҵак ҷыда анаҭеит импыҵахалоу арегионқәеи ампыҵахаларатә цәаҳәа ааигәареи ашәарҭадаратәи, агуманитартәи, ауаҩытәыҩа изинқәеи рганахьала иҟоу аҭагылазаашьа, иазгәаҭан жәларбжьаратәи зин ашьаҭатә принципқәа реилагара афакқәа шырацәоу, ари импыҵахалоу арегионқәа изакәандароу аннексиа шаанаго. Ари аконтекст аҿы́ ақырҭу́а ган импықахало Аԥсны закәандарала аҳаирбаӷәаза аартра азҵаара иазааҭгылеит.

Иара убас, ақырҭуа ган иазгәанаҭеит импыҵахалоу Аԥсны апрезиденттә алхрақәа закәандарала рымҩаԥгара Қырҭтәыла асуверенитети атерриториатә акзаареи шеиланаго.

Женеватәи аиҿцәажәарақәа 63-тәи рраунд 2025 шықәса хәажәкыра 4-5 зы мҩаԥгахоит.